Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуа акциашҟа днеит.
Зурабишвили ишылҳәаз ала, уаха уаҟа апровокациа ҟалом.
„Ацәгьареи абзиареи аҿы ҳаидгылоуп. Араҟа ак иазгәаҳҭозар, ҳаидгыланы иазгәаҳҭоит. Уаха апровокациа ҟалом, ҭынч шәыҟаз. Уаха аҧсаҵла арлашара хдырҧазаап. Барбара ацқьа лымшныҳәазы сара сахь иаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Уаха ара акымзаракгьы ҟалом, ҭынч шәыҟаз. Сара сшәыцуп, сгәы шәҭоуп“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.