Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус еиҭах ирырымҭар,  Европа дара рахь азҿлымҳара амам ҳәа  ргәы иаанагоит
Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус еиҭах ирырымҭар,  Европа дара рахь азҿлымҳара амам ҳәа  ргәы иаанагоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок дылҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Орбелианиаа рханаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала,  Қырҭтәыла ауааҧсыра  Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус еиҭах ирырымҭар, Европа дара рахь азҿлымҳара амам ҳәа  ргәы иаанагоит.

Атәыла ахада иаҵшьны иазгәалҭеит Қырҭтәыла апартниор-тәыла Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лвизит аҵакы, лара ишылҳәаз ала, ари авизит лабҿаба аанарҧшуеит Германтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи атәыла евроинтеграциеи ишадгыло.

«Америкаҟа аҵыхәтәантәи свизитаан сара Гәермантыла ахада ҭелла сиацәажәеит, иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Германтәыла  Қырҭтәыла ишадгыло, абра шәыҟазаарагьы уи шьақәнарҕәҕәоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лахь лхы рханы.

Анналена Бурбок ишазгәалҭаз ала,  Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи Евроеидгылаҿ илбар лҭахуп, убри азоуп иахьа абра дзыҟоу.

«Убри азоуп абра сзыҟоу, абри ауп стәыла аиҳабыра изыдгыло. Қырҭтәыла акандидат астатус аиурц азыҳәан ареформақәа рымҩаҧгара нанагӡароуп», — илҳәеит  Бербок.