Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ украинатәи ахәыҷқәа лыдылкылан,  Ашықәс ҿыц рыдылныҳәалеит
Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ украинатәи ахәыҷқәа лыдылкылан,  Ашықәс ҿыц рыдылныҳәалеит

Иахьа Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ, Николаевтәи араион иаҵанакәа Новопетровтәи ахәыҷтәы ҩны ааӡамҭацәа лыдылкылеит.

Атәыла ахада ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьалшьан, аваучерқәеи ахаатәқәеи рылҭеит.

Ахәыҷқәа Орбелианиаа рхан рбан,  уаҟа игылаз чичилақ аҟаҵашьа интрересс ишьҭырхит. Иара убас, атәыла ахада лыҧшьгарала,  Қарҭ инхо  700ҩык украинатәи ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи аҳамҭатә ваучерқәа роуит. Ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭеит атәыла ахада лыбжьагаҩцәа Кеҭеван Татошвилии Константин Нацвлишвилии.