Саломе Зурабишвили лпрезиденттә аҿҳәара анынҵәалак, аҳәынҭқарратә ахьчара лымаҵ ауам
Саломе Зурабишвили лпрезиденттә аҿҳәара анынҵәалак, аҳәынҭқарратә ахьчара лымаҵ ауам. Абиуро иахьатәи аилатәараҿы «Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда иазку» азакәан иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәа цәырган.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, атәыла ахадеи, аҧыза-министри, апарламент ахантәаҩи рзинмчқәа анынҵәалак, хаҭалатәи ахьчара рымазаауам, Аконституциатә аӡбарҭа Аконституциа 48-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, дара рыла Аконституциа шеилагоу шьақәнарҕәҕәар.
«Атәыла ахадеи, аҧыза-министри, апарламент ахантәаҩи Аконституциа ахьеиларгаз ма ацәгьара ахьыҟарҵаз амшала рзинмчқәа аанкылазар, дара хазхаҭалатәи ахьчара роуам. Аконституциа аилагара амшала рзинқәа аанкылазар, усҟан, Аконституциатә аӡбара ақәҵара инаваргыланы, апарламент апленартә аилатәара иашьашәалоу аӡбарагьы аҭахуп, акворум наӡа ала.
Хазхаҭалатәи ахьчара аресурсқәа иаҳа еффективла рхарәхареи, иара убас, аҳәынҭқарра Аконституциа еилазгаз ахаҿы ихьчара иауалымзарц азыҳәан, ари азакәан иашьашәалоу аҧсахрақәа иалагалатәуп», — иануп азакәанпроект иацу аилыркааратә шәҟәы аҟны.