Қырҭтәыла ахәбатәи ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, Миунхен лара адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас дылҧылеит. Зурабишвили ари атәыла илҩит асоциалтә аҳаҿы.
«Сара Каиа Каллас сылҧыланы, ақырҭуа АИХқәа рхаҭарнакцәа рыҳәара иазкны иласҳәеит, дара ҳпартниорцәа ирыҳәоит адгылара дырҕәҕәарц.
Зхы иақәиҭу, ииашоу, аҿыц алхрақәа – Қырҭтәыла иҟоу акризис алҵразы амҩа заҵәуп», – илҩит Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.