Саломе Зурабишвили Израиль ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

15:41, 13.10.2023

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылԥылеит. Ари атәы Зурабишвили асоциалтә каҭаҿы аалыцҳаит.

“Ақырҭуа жәлар рыхьӡала Израиль иҟоу аҭагылазаашьа иазкны ахьааи агәынамӡареи аасырԥшыр сҭахуп. Ари ицәгьоу аамҭа аан ақырҭуа жәлар Израиль адгылара азаанарԥшуеит!” – илҩит Қырҭтәыла ахада.

Еиԥшу