Саломе Зурабишвили  – Иахьа ақырҭуа жәлар ирзеиҧшу хықәкык азы, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы еидгылеит, уи адеполиаризциа иацхраауа шьаҿоуп
Саломе Зурабишвили  – Иахьа ақырҭуа жәлар ирзеиҧшу хықәкык азы, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы еидгылеит, уи адеполиаризциа иацхраауа шьаҿоуп

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, Лиетува лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лиетуватәи ареспублика аҧыза-министр Ингрида Шимоните дылҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан  арегионаҿ агеополитикатә ҭагылазаашьеи Қырҭтәыла евроинтеграциа ахадаратә етапи аганахьала  Қырҭтәыла ахада лвизит иамоу аҵакы.

Қырҭтәыла ахада иаҵшьны иазгәалаҭеит Лиетува Қырҭтәыла ахьыҧшымреи европатәи аҽазышәарақәеи еснагь ирзаанаҧшуа адгылара ҕәҕәа аҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ аҭагылазаашьеи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, аурыс агрессиеи иалацәажәеит.  Атәыла ахада Украинеи аукраин жәлари даҽазнык адгылара ҕәҕәа рзаарҧшны, ишазгәалҭаз ала, Қырҭтәыла изныкымкәа аурыс агрессиеи иахьа Украина изҭагыло арыцҳареи ахнагахьеит.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара аҵакы, ишазгәаҭаз ала, ари аӡбара аполитикатә ҟазшьа амоуп, иара убас, ақәҿиарақәа ирышьаҭакзароуп.

Атәыла ахада ишылҳәаз ала, иахьа ақырҭуа жәлар ирзеиҧшу хықәкык азы, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы еидгылеит, уи адеполиаризциа иацхраауа шьаҿоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа апроцесс иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, рашәара 11 – 12 рзы Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаара иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны иқәыргылазароуп. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Алианс азы игәрагоу партниоруп.