Саломе Зурабишвили - Иаауа амчыбжь азы иҳамазаауа апланқәа зеиԥшроу амҽышаҽны еилкаахоит
«Иаауа амчыбжь азы иҳамазаауа апланқәа зеиԥшроу амҽышаҽны еилкаахоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили британиатәи аподкаст аҿы (Rest Is Politics).
Зурабишвили лажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахадас даанханы, аусзура налыгӡоит.
“Амҽышанӡа ижәдыруазароуп: апарламент илегитимым алхрақәеи аконституциа иаҿагыло амҩеи рыла аконституциа ҩынтә еиланагеит, арҭ алхрақәеи ахада иинаугурациеи амч рымам.
Убри аҟынтә сара ахадас саанханы, аусзура насыгӡоит”, — илҳәеит Зурабишвили.