Саломе Зурабишвили – Ҳара аҭынчмҩа ҳануп,  алхрақәа рымҩаҧгареи аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи ҳахьӡоит  
Саломе Зурабишвили – Ҳара аҭынчмҩа ҳануп,  алхрақәа рымҩаҧгареи аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи ҳахьӡоит  

«Иахьа акоординациа шьақәгылеит  – иацы сызлацәажәоз акоординациа. Ҳара ахадаратә зҵаарақәа рзы ҳпозициақәа ҳәаақәҵаны, ишәыдаагалароуп. Аиқәшаҳаҭхара злымшо апартиақәа хазы рпозициақәа шәыдаргалар рылшоит», – илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.

Зурабишвили лҳәамҭала, иахьа акоординациа аформатаҿ аусура иалагоит.

«Ажәлар еиҧҟьарада апротест ҟарҵоит. Иахьа аполитикатә спектр азы ажәылара ҿыц иалагеит, уи иаҳзеиҧшу апозициа ахырхарҭақәа иреиуп. Атәыла анапхгара аӡбарақәас ирыдыркыло ҳбап, аха, аполитикатә спектр рыршәара рылшом.

Мшаҧы  7 рзы Европа Ахеилак аҿы асессиа мҩаҧысуеит, уаҟа Қырҭтәыла иазкны иџьбароу арезолиуциа рыдыркылараны иҟоуп. Хшыҩзышьҭра ҷыда рымазаауеит аполитбаандаҩцәа рызҵаареи, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы арежим ахаҭарнакцәа  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирҿагыланы ирыдыркылаз азакәанқәеи.

Иацы ишаҳҳәаз еиҧш, ҳара аҭынчмҩа ҳануп, алхрақәа рымҩаҧгареи аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи ҳахьӡоит. Ҳара аҕәҕәахареи, аидгылареи ҳазыхиоуп, убри ала арежим арепрессиақәа ҳарҿагылоит, ҳхықәкы наҳагӡоит», – илҳәеит  Саломе Зурабишвили аопозициа ахаҭарнакцәа данырҧыла ашьҭахь.