Саломе Зурабишвили Еммануель Макрон алхрақәа рҿы аиааира агара идылныҳәалеит
Қыртәыла ахада Саломе Зурабишвили Еммануель Макрон Франциа ахадарахь алхрақәа рҿы аиааира агара идылныҳәалеит.
“Ишәыдысныҳәалоит, ҳаҭыр зқәу Макрон, Франциа аиааира агеит! Аиааира агоит Европа, аиааира ҳгоит ҳара, ҳара – ақырҭуааи украинааи, ҳара иӷәӷәоу, иеиҩшам Европа иаҳбарц ҳҭахуп, Урыстәыла Европа пату ақәнаҵароуп”, – илҩит “Твиттер” аҿы Зурабашвили.
Заанҵтәи дыррақәа рыла, Франциа ахадарахь алхрақәа рҿы́ Еммануель Макрон абжьқәа 58.2% иоуит.