Саломе Зурабишвили – Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит Ашәарҭадара ахеилак еизганы Урыстәыла атәылауаа рзы хымзтәи авизақәа рышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшырц
Саломе Зурабишвили – Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит Ашәарҭадара ахеилак еизганы Урыстәыла атәылауаа рзы хымзтәи авизақәа рышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшырц

 

«Ари аӡба ҽеим,  иаамҭам,  иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит,  ҳара авизақәа раҧыхрагьы ишиашоу авиареисқәагьы ҳҭахым,  избанзар Урыстәыла адунеи зегьы азы агрессоруп.  Ҳҵакырадгьылқәа импыҵахаланы иахьынӡарымоу абри аҩыза ашьаҿа ҳзақәшаҳаҭхом», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Урыстәыла ала Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизатә режим аҧыхреи ишиашоу авиааимадара аиҭашьақәыргылареи иазку аӡбара иадҳәаланы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, уи урыстәылатәи апровокациоуп.

«Абри апровокациа ҳтәыла анапхгареи ҳажәлари ирҧырхагахар ауеит. Ҳәарада, аполиткиатә партиақәа рыбжьара аибарххара ҟалоит, аха агәра ганы сыҟоуп ажәлар рыгәҭа аибарххара шыҟамло, ҳажәлар ари азҵаара иадҳәаланы рпозициа аадырҧшуеит,  избанзар,  ҳуааҧсыра ибзиаӡаны ирдыруеит Урыстәыла абри аҩыза ашьаҿақәа аныҟарҵо,  рхатә интересқәа мацара ишрызхәыцуа. Рыцҳарас иҟалаз,  ҳтәыла анапхгара макьана уи рзеилымкааит.

Ари аӡба ҽеим,  иаамҭам,  иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит,  ҳара авизақәа раҧыхрагьы ишиашоу авиареисқәагьы ҳҭахым,  избанзар Урыстәыла адунеи зегьы азы агрессоруп.  Ҳҵакырадгьылқәа импыҵахаланы иахьынӡарымоу абри аҩыза ашьаҿа ҳзақәшаҳаҭхом.

Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит Ашәарҭадара ахеилак еизганы Урыстәыла атәылауаа рзы хымзтәи авизақәа рышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшырц», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.