Саломе Зурабишвили – Арежим авизатә режим алиберализациа аанкылароуп хықәкыс ирымоу, Европа ҳуааҧсыра ҧырхага рзаанагом,  шьоукы рыда
Саломе Зурабишвили – Арежим авизатә режим алиберализациа аанкылароуп хықәкыс ирымоу, Европа ҳуааҧсыра ҧырхага рзаанагом,  шьоукы рыда

«Иахьазы Аҿагылара аплатформаҿ ҳазлацәажәо атемақәа иреиуп авизатә либерализациа. Урыстәылатәи арежим ари атема рхы иадырхәоит 2 ганк рыла», – илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили.

Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» авизатә либерализациа ааныркылар рҭахуп.

«Уи, евроинтеграциа аанкыларазы  ҵыҧх,  абҵара  28 рзы ирыдыркылаз аӡбара анагӡароуп. Уажәтәи арежим ахаҭарнакцәа  Қырҭтәыла аизолиациа наӡа иазҿлымҳауп, ари ахырхарҭала ҳцоит. Уи урыстәылатәи аполитикоуп, Урыстәыла иаҭаху акоуп  –  Қырҭтәыла ахатә европатәи америкатәи апартниорцәа рҟны аимадара амазар рҭахым, ҳтәыла  ахы изамыхәо, ахьыҧшымра амамкәа, амацара иаанхар рҭахуп.

Уажәтәи арежим ҳуааҧсыра авизатә либерализациада анхара иашьцылар рҭахуп. Ахакҧхықәра зегьы Европа иадырҵоит, европаа ҳхьырхәра рҽазыркызшәа. Европа ҳуааҧсыра ҧырхага рзаанагом,  шьоукы рыда, урҭ хаҭалатәи асанкциақәа рзышьақәыргылоуп. Ҳара ибзианы иҳгәалашәоит ҳтәыла акандидат астатус занаршьаз. Ари астатус ҳауит, избанзар, Европа лабҿаба ирбеит ақырҭуа жәлар евроинтеграциа шырҭахыз. Убри аҟынтә, европаа авизатә  либерализациа аанкылара рҭахым.  Уажәтәи арежим Қырҭтәыла аизолиациатә  политика нарыгӡар,  иахьа урыстәылатәи аҧҟарақәа рыла атәыла анапхгара азызуа Иванишвили иоуп уи азы аҭак зыҧхықәу», – илҳәеит  Саломе Зурабишвили.