Саломе Зурабишвили ақырҭуа оппозициаа еицырҩыз ашәҟәы Евроеидгылахь идәықәылҵеит
Аоппозициаа еицырҩыз, снапы зҵазҩыз ашәҟәы уаҵәашьҭахь Европатәи Ахеилак аилатәара зхы алазырхәо европатәи алидерцәа зегьы ирыздәықәаҳҵоит, — илҳәеит Қырҭтәыла ахәбатәи ахада Саломе Зурабишвили иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Зурабишвили ишылҳәаз ала, Европатәи Ахеилак аилатәара аусхәаҧштә иалоуп Украинеи, ахыхьчаратә проект ҿыцқәеи аҧара рзоушьҭреи ирызку азҵаарақәа, аха, Қырҭтәыла азҵаара аусхәаҧштә ианым.
«Қырҭтәыла хазы иҟоу аполитикатә кризис аҳасабала ахәаҧшра ҟалом, уи иахьа Европа зегьы изҭагыло акризис хәҭак ауп. Украинаҿ уи аибашьра асахьала иҟоуп, Қырҭтәыла даҽа сахьак амоуп, агибридтә асахьа, Қырҭтәыла иаҿагыланы агрессиа инагӡоит, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, адемократиеи, европатәи аҧеиҧши рзы ақәҧара инагӡоит. Уажәтәи арежим, Қырҭтәыла аиҳабыра, ҳтәыла ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, европатәи аҧеиҧши раҧыхра ахырхарҭала ицоит», — илҳәеит Зурабишвили.
Иара убас, Зурабишвили ишылҳәаз ала, ашәҟәы аҟны аҳәара ҟаҵоуп Европатәи Ахеилак анеҩстәи асессиа аусхәаҧштә Қырҭтәыла азҵаарагьы ианырҵарц.