Саломе Зурабишвили - Аполициаа атәылаҿ ашәарҭадареи, аҭынчреи рыхьчара ируалуп, шәус ибзиаҵәҟьаны анагӡаразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит
Аполициаа атәылаҿ ашәарҭадареи, аҭынчреи рыхьчара ируалуп, шәус ибзиаҵәҟьаны анагӡаразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Салоем Зурабишвили аполициа амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.
Саломе Зурабишвили аполициаа рханааҭтә амш рыдылныҳәалеит. Ахада лажәақәа рыда, атәылаҿ аиҿкаареи, атылауаа ршәарҭадареи аҭышәынтәалареи аполициаа русзура иадҳәалоуп.
Лаҵара 31 рзы Қырҭтәыла аполициа амш азгәарҭоит. Ари аныҳәа инамаданы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә чыда ааиртит Вахтанг Гомелаури.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили, Қарҭ ахада Каха Калаӡе, Қырҭтәыла Аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәа, Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипкорпус ахаҭарнакцәа.