Саломе Зурабишвили – Аҧыза-министр дыҧсахтәуп, иара данцалак, ҩымчыбжь рышьҭахь алхрақәа рымҩаҧгара арыцхә шьақәсыргылароуп
«Акризис аҭыҧҵқәҵара злымшаз, аполитикатә мҩала акомпромисс иашьҭам аҧыза-министр ауаа рықәмақарра мацароуп илшо, иара хымҧада дыҧсахтәуп. Иара данцалак, ҩымчыбжь рышьҭахь алхрақәа рымҩаҧгара арыцхә шьақәсыргылароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.
«Атәылаҿ акризис иҟоу иҟаму? Уи ҳбар ҳҭахымзар, иҟало ҳбап, ари акризис даараӡа ишәарҭоуп. Ҳара аполитикатә аӡбара ҳаҧшаар ҳалшоит, атәылақәа зегьы рҿы абасоуп ишыҟало: акризис аҭыҧҵқәҵара злымшаз, аполитикатә мҩала акомпромисс иашьҭам аҧыза-министр ауаа рықәмақарра мацароуп илшо, иара хымҧада дыҧсахтәуп. Иара данцалак, ҩымчыбжь рышьҭахь алхрақәа рымҩаҧгара арыцхә шьақәсыргылароуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.