Саломе Зурабишвили аоппозциатә партиақәа аҳәса-рхаҭарнакцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аоппозциатә партиақәа аҳәса-рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аҭонели ирезиденциаҿ имҩаԥгаз аиԥылара рхы аладырхәит “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнак Анна Ҵиҭлиӡе, апартиа “Лело Қырҭтәылазы” ахаҭарнак Анна Нацвлишвили, адепутатцәа Хатиа Деканоиӡе, Хаҭуна Самниӡе уҳәа уб. гь.
Аиԥылара алахәылацәа ишаарыцҳаз, аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара азҵаара.
Саломе Самадашвили лажәақәа рыла, аиԥылараҿ Евроеидгыла аҟынтә аполитикатә адгылара аиура амҩақәа рыхцәажәеит.
“Ақырҭуа гәахәтәы” иабзоураны, абҵара 8 рзы ицәыргахо Еврокомиссиа адокумент аҿы атәыла акандидат статус анашьара и азку ааԥхьара ҟалом, избан акәзар “Ақырҭу́а гәахәтәы” адҵақәа зегьы нанамгӡеит. Убри аҟынтә иӷәӷәоу аполитикатә импульс ҳауроуп. “,- илҳәеит Саломе Самадашвили.
“Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Анна Ҵиҭлиӡе ишылҳәаз, абиԥылараҿ ахада аполитикатәи алхраԥхьатәи апланқәа иқәгыламызт