Саломе Зурабишвили – Америка ахада иинаугурациаҿы Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы сырхаҭарнакуп, уи агәахәара ду сызцәырнагоит
«Америка ахада иинаугурациаҿы Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы сырхаҭарнакуп, уи агәахәара ду сызцәырнагоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили.
Зурабишвили ишылҳәаз ала, аинаугурациа ашьҭахь зегьы аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы алшара рымоуп, ларгьы аиҧыларақәа рымҩаҧгара лгәы иҭоуп.
«Иахьа Америка ахада иинаугурациаҿы сыҟан, уи агәахәара ду сызцәырнагеит. Аиашаз, зҵакы дуу ари аусмҩаҧгатә аҿы Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари сырхаҭарнакын. Уи аҵакы ду амоуп, избанзар, Қырҭтәыла Америка астратегиатә партниор аҳасабала иаарҧштәын. Ҩажәеижәаба шықәса ирылагӡаны Америка ақырҭуа ҳәынҭқарра аргылараҿы иҳацхраауан, ҳара ҳаиҩызцәоуп.
Иацы аиҧыларак мҩаҧган, уаҵәы аустә аиҧыларақәа иалагоит. Аинаугурациа ашьҭахь зегьы аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы алшара рымоуп, саргьы ҳаизыҟазаашьақәа рырҽеиразы, Қырҭтәылеи Америкеи ирнаало аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аиҧыларақәа рымҩаҧгара сгәы иҭоуп», — илҳәеит Зурабишвили.