Саломе Зурабишвили – Адунеи зегьы лабҿаба ирбоит Украинаҿ атәылауаҩратә инфраструктура шықәырхо, ақалақьқәа рхадацәа шымҵадырсуа, ажурналистцәа ишрықәло, абри ахшыҩдаратә еибашьра хыркәшатәуп
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, адунеи зегьы лабҿаба ирбоит Украинаҿ атәылауаҩратә инфраструктура шықәырхо, ақалақьқәа рхадацәа шымҵадырсуа, ажурналистцәа ишрықәло.
Лара лажәақәа рыла, абри ахшыҩдаратә еибашьра хыркәшатәуп.
«Иацы Украинаҿ гәымбылџьбарала дыршьит америкатә журналист. Адунеи зегьы лабҿаба ирбоит Украинаҿ атәылауаҩратә инфраструктура шықәырхо, ақалақьқәа рхадацәа шымҵадырсуа, ажурналистцәа ишрықәло, абри ахшыҩдаратә еибашьра хыркәшатәуп», — илҩит Саломе Зурабишвили Twitter аҿы.