Саломе Зурабишвили – Адемократиатә Қырҭтәыла ҕәҕәа  -  аҭынчреи Европа ашәарҭадареи рахь иҟаҵоу аинвестициоуп, аха, зны-зынла Европа уи рзеилкаауам
Саломе Зурабишвили – Адемократиатә Қырҭтәыла ҕәҕәа  -  аҭынчреи Европа ашәарҭадареи рахь иҟаҵоу аинвестициоуп, аха, зны-зынла Европа уи рзеилкаауам

200 мшы иреиҳаны адәахьы апротест инагӡоит, ихьыҧшым АИХқәа рыҟазаара иазықәҧоит, аоппозициатә лидерцәа абахҭа иҭакуп,  60ҩык раҟара активистцәа аӡбара ақәҵара иазыҧшуп, — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили Бухарест имҩаҧгаз Амилаҭтә конгресс  «Румынтәыла аиқәырхара аидгыла» аҿы данықәгылоз.

Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра аа-мза ирылагӡаны адәахьы апротест ҟарҵоит, аӡәгьы ари ақәҧара мап ацәиимкит, избанзар, уи аполитикатә акәымкәа, аекзистенциалтә кризисуп.

«Иахьа Қырҭтәыла заанаҵтәи абаандаҩтәра аҿҳәара жәымз ираҟароуп, Урыстәыла аасҭа иаҳа идууп. Ажурналист Мзиа Амаҕлобели ари ақәҧара дасимволхеит. Лара, акгьы шылхарамгьы,  фышықәса инаркны жәышықәсанӡа аҭакра лықәшәар ауеит, аха, лара абахҭа аҟынтәгьы ақәҧара налыгӡоит.

Атәылаҿы арепрессиақәеи ауаа рыршәареи, рхылаҧшреи инагӡоит, аха, ажәлар ихьаҵуам. Избанзар, уи, Европа џьоукы ргәы ишаанаго еиҧш акәымкәа, баша аполитикатә кризис акәӡам», — илҳәеит  Зурабишвили.

Зурабишвили лажәақәа рыла, Урыстәыла Қырҭтәыла анапаҿы аагароуп иаҭаху, уи азыҳәан апропагандеи, алхратә манипулиациақәеи, акибержәыларақәеи рхы иадырхәоит.

Иара убас, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада ишазгәалҭаз ала, Амшын еиқәа ашәарҭадара аныҟамла,  аҭынчратә партниортә қәыҧшылара анымаҟла, уаҵәтәи  Европа иахьатәи Европа еиҧшхом.

«Убри аҟынтә, адемократиатә Қырҭтәыла ҕәҕәа  –  аҭынчреи Европа ашәарҭадареи рахь иҟаҵоу аинвестициоуп, зны-зынла Европа уи рзеилкаауам. Аха аҧышәа змоу, иахьатәи ашәарҭарақәа зеиҧшроу еилызкаауа аҳәынҭқаррақәа уи еилыркаауеит. Убри аҟынтә, абарҭ ашәарҭарақәа ииашаны еилыркаарц азыҳәан,  Евроеидгылаҿ Қырҭтәыла  апозициа аашәырҧшырц сшәыҳәоит», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.