Саломе Зурабишвили “Аҭынчра афорум” иалахәы адунеитә лидерцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз адкылараҿы дыҟан

19:48, 10.11.2023

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили “Аҭынчра афорум” иалахәы адунеитә лидерцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз адкылараҿы дыҟан.

Атәыла ахада ладминистрациа адыррала, Саломе Зурабишвили, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели Швеицариатәи аконфедерациа ахада  Алан Берсеи дрыцны, аимакқәеи акризисқәеи рызҵаарақәа ирызку апанель аусура лхы алалырхәоит.

Саломе Зурабишвили Франциаҟа визитла дышдәықәло атәы аалыцҳаит абҵара ​​8 рзы.

 

Еиԥшу