Саломе Зурабишвили – 2023 шықәса шәыдысныҳәалар сҭахуп, ари ашықәс ҳаидгыланы, акзаара ҳабжьаланы ҳаԥылар ишәзеиӷасшьоит
Саломе Зурабишвили – 2023 шықәса шәыдысныҳәалар сҭахуп, ари ашықәс ҳаидгыланы, акзаара ҳабжьаланы ҳаԥылар ишәзеиӷасшьоит

2023 Ашықәс ҿыц аауеит, ишәыдысныҳәалар, анасыԥи, агәабзиареи, ақәҿиарақәеи ишәзеиӷьасшьыр сҭахуп, – иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Ашықәс ҿыцтәи лыдныҳәалараҿ.

Зурабишвили лажәақәа рыла, 2023 шықәса Европа иашықәсхоит.

«Ари ашықәс ҳҩызцәа укринаа рзы даара ицәгьан. Урҭ адунеи акзаара, аидгылара, атәыла ахьыԥшымразы, ахақәиҭразы ақәԥара закәу иддырбеит, ақырҭуаа ари ахә ибзаны ирдыруеит, убри аҟынтә украинаа адгылара ду рзаадырԥшаит.

Ари ащықәса агәыӷрақәа, европатә агәыӷрақәа рышықәсан, ҳара европатәи аперспектива ҳауит, ари ала ҳгеографиатә лагылазаара иазку азҵаарақәа   рҭак ҟаҵан. Аперспектива Қырҭтәыла Европа ауп ҳәа иаанагоит. 2023 шықәса шәыдысныҳәалар сҭахуп, ари ашықәс ҳаидгыланы, акзаара ҳабжьаланы ҳаԥылар ишәзеиӷасшьоит

Аԥсги Цхинвалтәи арегион аҟны иҟоу ицәгьу аҭагылазаашьаҿ иҟоу ҳтәылауаа 2023 шықәса рыдысныҳәалар сҭахуп. Ҳара шәидентреи, шәбызшәеи, ҳаицынхареи рыхьчаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, “ – иануп ахада иҟалҵаз адныҳәалара аҿы.