Саломе Самадашвили "Лело" аполитикатә маӡаныҟәгаҩс далхуп
Саломе Самадашвили "Лело" аполитикатә маӡаныҟәгаҩс далхуп

Саломе Самадашвили апартиа “Лело” официалла далалан, аполитикатә маӡаныҟәгаҩс далхуп. Апартиа алахәыла ҿыц ауаажәлар рыдаргалеит  “Лело” алидерцәа Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи .

Саломе Самадашвили лажәақәа рыла, “Лело” ауп Қырҭтәыла ақәҿиара ашанс знаҭо.

Саломе Самадашвили 2020 шықәсазы апарламенттә алхрақәа рышьҭахь, “Иаку амилаҭтә ҵысра” далҵын, апарламент аҿы афракциа “Лело – апартниорра Қырҭтәыла” ахантәаҩыс дҟалеит.