Сабине Махл – Қырҭтәыла аиашаӡбара асистемаҿы ареформақәа рацәа мҩаҧгоуп, аиҭашьақәыргылареи арессоциализациеи апроцесс қәҿиарала имҩаҧысуеит, ЕАР Қырҭтәыла аиҳабыра дырҽхәоит
Сабине Махл – Қырҭтәыла аиашаӡбара асистемаҿы ареформақәа рацәа мҩаҧгоуп, аиҭашьақәыргылареи арессоциализациеи апроцесс қәҿиарала имҩаҧысуеит, ЕАР Қырҭтәыла аиҳабыра дырҽхәоит

«Қырҭтәыла ашьауҕатә иашаӡбара асистемаҿы апрогресс ду иҟоуп, ареформақәа рацәа мҩаҧгоуп. Убри аҟынтә, аиҭашьақәыргылареи арессоциализациеи апроцесс қәҿиарала имҩаҧысуеит», —  иахьа имҩаҧгаз жәларбжьаратәи аконференциаҿы ари аҳәамҭа ҟалҵеит ЕАР еснагьтәи акоординатор Сабине Махл.

Лара лажәақәа рыла, ЕАР Аҳәса реиҿкаара, егьырҭ азҵаарақәа инрываргыланы, апенитенциартә системаҿы аҳәса рзинқәеи агендертә баланси азҵаарақәа рзгьы аус ауеит.

Сабине Махл ишазгәалҭаз ала,  аиҭашьақәыргылареи арессоциализациеи апроцесс зымҩаҧысуам абаандаҩцәа аҵаратә программақәа рхархәареи  апрофессионалтә азыҟаҵареи алшара рымамзар. Лара лажәақәа рыла, апрограммақәа рыҟазаара мацара иазхом, урҭ рынагӡароуп аус злоу, ари аганахьала Қырҭтәыла аиҳабыра иҿырҧшыгоуп.

«Қырҭтәыла ари ахырхарҭала зҵакы дуу апрограммақәа нанагӡоит. Арҭ апрограммақәа даараӡа ибзиоуп, урҭ азакәанҧҵаратә аҩаӡараҿ мацара акәымкәа, апрактикаҿгьы инагӡазароуп, ЕАР Қырҭтәыла аиҳабыра дырҽхәоит абарҭ апрограммақәа рынагӡаразы. Ҳаргьы  абарҭ аинициативақәа ҳрылахәып, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит», — илҳәеит  лара.

Қарҭ имҩаҧысуеит зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи аконференциа  — «Абаандаҩцәа реиҭашьақәыргылареи рресоциализациеи апроцессаҿ аҿыцҧшьгарақәа». Иахьа ари ауснагӡатә аадыртит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡеи.