Саакашвили иусӡбаратә процессаан апенитенциартә маҵзура ахаҭарнак америкатә невролог диазҵааит  - Апсихотроптә препаратқәа рыдкылараан есымша 2 патлыкак акониак  ажәра  ҟалома?
 Саакашвили иусӡбаратә процессаан апенитенциартә маҵзура ахаҭарнак америкатә невролог диазҵааит  - Апсихотроптә препаратқәа рыдкылараан есымша 2 патлыкак акониак  ажәра  ҟалома?

 

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили изыӡба ахырҧара азҵааразы имҩаҧысуа аусӡбаратә процессаан апенитенциартә маҵзура амедицинатә департамент анапхгаҩы Малхаз Урткмелиӡе   Шаҳин Еммануел Лахани диазҵааит, Саакашвили дҭаркаанӡагьы апсихотроптә препаратқәа шидикылоз идыруазма, насгьы, Саакашвили дҭаркаанӡа игәы бзиан ҳәа игәы иаанагома ҳәа.

Еммануел Лаҳани ишиҳәаз ала,  адепрессиа змоу ауаҩҧсы игәы бзиазар ауеит.

Малхаз Урткмелиӡе америкатә невролог диазҵааит Саакашвили апсихотроптә препаратқәа рыдкылараан алкоголь шидикылоз  идыруама ҳәа. Америкатә невролог абас аҭак ҟаиҵеит:

«Акониак ажәра цәгьарак аҵоуп ҳәа сгәы иаанагом. Иара анорма аҳәаақәа дырҭыҵуамызт. Убри аҟынтә, аихшьаалазы ари афактор аҵакы ду амоуп ҳәа исымҧхьаӡеит», — иҳәеит  Шаҳин Емануел Лахани.

Убри анеҩс, Малхаза Уртхмелиӡе дҵааит «Апсихотроптә препаратқәа рыдкылараан есымша 2 патлыкак акониак  ажәра  ҟалома?», америкатә невролог ишиҳәаз ала, амедицинатә ганахьала уи инормалым.

«Ахәшәқәка рыдкылараан имцхәны алкоголь ажәра инормалым», — иҳәеит америкатә невролог.