Сҭампыл адгьылҵысра ҕәҕәа ҟалеит.
Асеисмологиатә маҵзура адыррақәа рыла, аханатә адгьылаҵантәи аахақәа рмагнитуда 3,9 иаҟарн, анеҩстәи аахақәа — 6,2-и 4,4-и амагнитуда амч рыман. Адгьылҵысра аепицентр иҟан Амармалташьтә мшынаҿ, 7 километр аҵаулараҿ.
Уажәазы уаҳа аинформациа иҟам.