Руслан Стефанчук иҳәамҭала, Украина Иреиҳаӡоу Рада Украина иаҿагылоу Урыстәыла ауранагӡара агеноцид ҳасабала иазханаҵеит
Руслан Стефанчук иҳәамҭала, Украина Иреиҳаӡоу Рада Украина иаҿагылоу Урыстәыла ауранагӡара агеноцид ҳасабала иазханаҵеит

«Украина Иреиҳаӡоу Рада Украина иаҿагылоу Урыстәыла ауранагӡара агеноцид ҳасабала иазханаҵеит», – иҩит Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы  Руслан Стефанчук асоциалатә аҳа  «Твиттер» аҿы.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, адокумент авторцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Урыстәыла анапхгара изныкымкәа аргама ишырҳәахьаз дара имҩаҧырго арратә агресси Украина «аденацификациа» шакәу, аукраин бызшәала ицәажәо, ихьыҧшым украинатәи аҳәынҭқарраҿы анхара зҭаху ауааҧсыра зегьы  «анацистцәа» ҳәа ишрышьҭоу.

Адокумент аҿы Иреиҳаӡоу Рада ЕАРи, Европарламенти, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиеи, НАТО Апарламенттә Ассамблеиеи, атәым ҳәынҭқаррақәа рпарламентқәеи реиҳабыреи рахь ааҧхьара ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа ала аукраин жәлар ргеноцид иазхарҵарц.

Иара убас, украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Иреиҳаӡоу Рада алахәылацәа, Урыстәыла атеррористтә ҳәынҭқаррас азхаҵареи урыстәылатәи агрессиа апропаганда азызуа адыргақәа «V»-и «Z»-и ақәиҭымтәреи иазку азакәанпроект рыдыркылеит.