Русҭавели имҩадуаҿ апротесттә акциа мҩаҧысуеит
Русҭавели имҩадуаҿ апротесттә акциа мҩаҧысуеит

Русҭавели имҩадуаҿ,  апарламент ахыбра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит, амҩаду ала автотранспорт изныҟәом.

Акциа алахәылацәа апарламент аԥхьа игылоу аихатә бариерқәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа иргәыдырҵоит.

Амитинг алахәылацәа рҳәамҭала, дара абҵара 28 рзы «Ақырҭуа гәахәтәы» аднакылаз аӡбамҭа иадҳәаланы апротест ҟарҵоит, избанзар, атәыла анапхгара  европатәи ахырхарҭа мап ацәыркит.

Амитинг алахәылацәа алхрақәа реиҭамҩаԥгара идҵаны иқәдыргылоит.