Русҭавели имҩаду аҿы акциа хыркәшоуп
Русҭавели имҩаду аҿы акциа хыркәшоуп

Русҭавели имҩаду аҿы акциа хыркәшоуп. Аҭыԥ аҿы аус руеит арыцқьаратә маҵзура аусуҩцәа. Амҩаду аҿы автотранспорт аныҟәара еиҭашьақәгылоуп.

Гәыԥҩык акциа алахәылацәа уахынла Русҭавели имҩаду аҿы акциа мҩаԥыргон. Урҭ абарикадақәа дыргылан, Аопереи абалети ртеатр аҵакыраҿ еизеит.

Аполициатә уснагӡатәқәа рышьҭахь, акциа алахәылацәа аметро “Русҭавели” ахь ииасит. Иаанкылоуп акциа алахәылацәақәык.

Русҭавели имҩаду аҿы уахынла аҭагылазаашьа изныкымкәа аибарххара ҟалеит. Акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа иргәыдырҵон, абарикадақәа дыргылеит, маҭәарқәак ирблит.

Азакәанхьчаҩцәа акциа алахәылацәа рганахьала закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәон, урҭ рыбжьара аӡыршәга.