Румынтәыла Сенатаҿ иҟоу европатәи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы – Қырҭтәыла – европатәи ацивилизациоуп, арҭбааразы аиҿцәажәарақәа раартра иаамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит
Ҳаҳасабырбаҿы Қырҭтәыла апрогресс ҳахьалацәажәо сгәы иаахәоит, сара гәыкала шәтәыла сазыҟоуп. Арҭбаара – Евроеидгылазы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп, убри аамҭазы Қырҭтәылеи Молдовеи ирыд теероррҳәаланы иҟаҵоу анҵамҭақәа ҳбоит, уи аҵакы ду амоуп, – иҳәеит Румынтәыла Сенатаҿ иҟоу европатәи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Василе Динку Евроеидгыла иалоу атәылақәа рпарламентқәа рдәныҟатәи комитетқәа рхантәаҩцәа реиҧылараҿы.
Румынтәылатәи адепутат ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла европатәи ашәарҭадаразы зҵакы дуу елементуп.
„Таллин, НАТО Апарламенттә ассамбелиаҿгьы Қырҭтәыла ашәарҭадара ҳалацәажәеит, избанзар, Амшын еиқәа арегиони ари арегион ашәарҭадареи НАТО мацараз акәымкәа, Евроеидгылазгьы аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла европатәи ашәарҭадаразы зҵакы дуу елементуп. Ҳаҳасабырбаҿы Қырҭтәыла апрогресс ҳахьалацәажәо сгәы иаахәоит, сара гәыкала шәтәыла сазыҟоуп. Арҭбаара – Евроеидгылазы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп, убри аамҭазы Қырҭтәылеи Молдовеи ирыдҳәаланы иҟаҵоу анҵамҭақәа ҳбоит, уи аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла – европатәи ацивилизациоуп, арҭбааразы аиҿцәажәарақәа раартра иаамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит “, – иҳәеит румынтәылатәи адепутат.