Румынтәыла ацҳаражәҳәаҩ – Европатәи ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла астатус арҭоу арымҭоу рыӡбоит, дара еицҿакны аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит
Румынтәыла ацҳаражәҳәаҩ – Европатәи ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла астатус арҭоу арымҭоу рыӡбоит, дара еицҿакны аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Европатәи ахеилак аилатәараҿы Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа еицҿакны аӡбара рыдыркылароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Румынтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Разван Ротунду.

Иара иажәақәа рыла, Румынтәыла Қырҭтәыла астатус анашьара иақәшаҳаҭуп.

«Ишыжәдыруа еиҧш,  ҧхынҷкәын  14-15 рзы Европатәи ахеилак аилатәара мҩаҧысуеит,  уи аҿы Қырҭтәыла акандидат астатус арҭоу арымҭоу рыӡбоит,  иара убас,  егьырҭ атәылақәагьы ирыдҳәаланы аӡбара рыдыркылоит. Европатәи ахеилак аилатәараҿы Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа еицҿакны аӡбара рыдыркылароуп. Ҳара атәылақәа зегьы рыхьӡала ҳазцәажәом, аха, Румынтәыла Қырҭтәыла астатус аҭара иақәшаҳаҭуп“, – иҳәеит  Разван Ротунду.

Румынтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала,  Еврокомиссиа абжьагарақәа аус рыдулара аҵакы ду амоуп.

«Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿақәа аабеит. Аусура нарыгӡоит, ҳара Евроеидгыла алахәылацәа еицҿакны аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит. Абжьагарақәа аус рыдулара  аҵакы ду амоуп, ари аусура  анеҩстәи ашықәс азгьы инагӡахоит», — иҳәеит Румынтәыла ацҳаражәҳәаҩ.