Румыниеи, Австриеи, Лиетувеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Шәамахьтәылеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани ирҭаауеит
Румыниеи, Австриеи, Лиетувеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Шәамахьтәылеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани ирҭаауеит

Рашәара 24-26 рзы Румыниеи, Австриеи, Лиетувеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Шәамахьтәылеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани ирҭаауеит. Ари атәы асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы ааицҳаит Румыниа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Богдан Ауреску.

“Евроеидгыла мрагыларатәи апартниорцәа рыдгылара ахьаанарԥшуа аимакқәа ирызку азҵаарақәа Евроеидгыла аҽалархәра ауп иаанаго. Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель имандатла, Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Александр Шаленберги Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергиси сареи рашәара 24-26 рзы аахыҵ Кавказ – Шәамахьтәылеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани визитла ҳдәықәлоит, ” – иҩит румыниатәи адипломат.