„Роитер“ – Сергеи Лавров, Украина аибашьра ахыркәшара иазкны Америка аофициалтә хаҿқәа рҟны аиҿцәажәарақәа рызҵаара иадҳәаланы, уаҵәы Ҭырқәтәыла даҭаауеит
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров уаҵәы Ҭырқәтәыла даҭаауеит. „Роитер“ адыррақәа рыла, Лавров Ҭырқәтәыла даҭаауеит украинатәи аибашьра ахыркәшара иазкны Америка аофициалтә хаҿқәа рҟны имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәа рылацәажәаразы, иара убас, Лавров еиликаар иҭахуп Анкара ари апроцесс ацхраара иахьынӡалшо.
Иара убас, адырра ишану ала, Лавров Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧыланы, Ҕаза асектораҿ амца аанкылара азҵаареи Сириа иҟоу аҭагылазаашьеи иазкны диацәажәоит.
Аҭырқәа хыҵҵырҭа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа „адипломатиатә мҩала акыраамҭалатәи азинтә аҭынчра ашьақәыргыларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи, аҵыхәтәантәи аамҭазы Америкеи Урыстәылеи рыбжьара иҟаз аимадарақәеи, ари апроцесс аҿы Ҭырқәтәыла иҟанаҵар зылшо алагалеи иалацәажәоит“.