„Роитер“ Қырҭтәыла иазкны иҭыхыз авидеонҵамҭақәеи астатиеи аланарҵәеит - Европеи Азиеи рымҩеихысырҭаҿ ишьҭоу аинвестициатә центр
Адунеи еицырдыруа аинформациатә агентра „Роитер“ Қырҭтәыла иазку авидеои астатиеи аланарҵәеит, уаҟа атәыла иалацәажәоит Мрагылареи Мраҭашәареи рыбжьара ишьҭоу, астратегиатәи ахәаахәҭратә центр аҳасабала.
„Роитер“ аобиективаҿ иаарҧшуп Қырҭтәыла еиқәыршәоу ауникалтә инвестициатә лагылазаареи, абизнесҭагылазаашьақәеи, аекономикатә азҳара ду арбагақәеи, атәыла аинвесторцәа ирыднагало алшарақәеи.
„Роитер“ аҭыхратә гәыҧ рыдыркылеит Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра иаҵанакәа агентра „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“. Иара убас, ажурналистцәа, актәи авице-аҧыза, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистри Леван Давиҭашвили иҧылеит. Аҭыхратә гәыҧ алахәылацәа анаплакқәа рбеит, иара убас, Қырҭтәыла аус зуа абизнесменцәа ирҧылеит.
Агентра „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ аинвестициақәа рыдаҧхьалареи атәыла аинвестициатә лагылазаара аӡыргареи ахырхарҭала активла аус ауеит. Аҵыхтәантәи хәышықәса рыла, аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы атәыла иалагалан ф-миллиардк адоллар, уи абзоурала, атәылаҿ жәанызқьла аусуратә ҭыҧқәа иаҧҵахоит.
„Роитер“ астатиа иазку аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра.