"Роитер" - Дональд Трамп иадминистрациа USAID армаҷреи аҳәынҭқарратә хылаԥшрахь аиагареи рызҵаара иахәаԥшуеит
"Роитер" - Дональд Трамп иадминистрациа USAID армаҷреи аҳәынҭқарратә хылаԥшрахь аиагареи рызҵаара иахәаԥшуеит

Дональд Трамп иадминистрациа ЕАШ жәларбжьаратә аҿиара агентра (USAID) армаҷреи Аҳәынҭқарратә департамент ахылаԥшрахь аиагареи рызҵаара иахәаԥшуеит, – аанацҳаит “Роитер”.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, “Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак” (NSC) ҳазҭагылоу амчыбжь азы ари атема иазкны адискуссиа мҩаԥнагеит, аха аӡбамҭа макьана ирыдрымкылеит.

“Роитер” хыҵхырҭак ишаанацҳаз ала, Аҩны шкәакәа USAID ахьыԥшымра аанкыларазы ЕАШ ахада аиуристтә изинқәа зеишроу реилкаара иаҿуп.