Робин Данниган - Ҩганкатәи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра ҳаҿуп, хьаас исымоуп, аха азыҟаҵарақәа раԥыхразы аӡбара ҳадаҳкылеит
Ҩганкалатәи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра ҳаҿуп, хьаас исымоуп, аха азыҟаҵарақәа раԥыхразы аӡбара ҳадаҳкылеит, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган.
«Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа еилыкаан. Угәы иалсратә иҟоуп, аха иҵаҵҟәыдам. Ари ЕАШ ирҭаху акәҿам. Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Блинкен иҳәеит, ҳара аҩганктәи еизыҟазаашьақәа инарҭбааны реиҭахәаԥшра ҳшалагаз, хьаас исымоуп, аха азыҟаҵарақәа раԥыхразы аӡбара ҳадаҳкылеит. Ари апартиа гәыԥҩык алахәылацәа ЕАШ иазкны иҟарҵо аҳәамҭақәа иадҳәалоуп. Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа еилыккан. Ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьхап ҳәа сгәыӷуеит», — илҳәеит Данниган.
Иацы Пентагон Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟаз арратә азыҟаҵарақәа Noble Partner 2024 иҳәаақәҵам аҿҳәарала рхырҧара иазкны аҳәамҭа ҟарҵеит.