Робин Данниган «Transparency International Georgia» ахаҭарнакцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган «Transparency International Georgia» ахаҭарнакцәа дырԥылеит, – аанацҳаит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара.
«Ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган «Transparency International Georgia» хаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылараҿ иахцәажәеит атәылауаҩратә уаажәлара рыдгылареи Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара ахырхарҭала «Transparency International Georgia» аусзуреи. Иара убас аиԥылараҿ иахәаԥшит атәылауаҩратә уаажәлара рхаҭарнакцәеи, активистцәеи ажурналистцәеи рықәлара азҵаара», — аанацҳаит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара.