Робин Данниган - Қырҭтәылаҟны аенергетикеи, ашәарҭадареи, Абжьаратәи акоридори рызҵарақәа рзы аусеицура ҳаҿуп, ари Қырҭтәыла аԥеиԥш Европаҟны аимадараҿ ацхраауеит
Робин Данниган - Қырҭтәылаҟны аенергетикеи, ашәарҭадареи, Абжьаратәи акоридори рызҵарақәа рзы аусеицура ҳаҿуп, ари Қырҭтәыла аԥеиԥш Европаҟны аимадараҿ ацхраауеит

Қырҭтәыла Мраҭашәарахь аинтеграциа, аенергетикеи, ашәарҭадареи, Абжьаратәи акоридори рызҵарақәа рзы иабжьоу аусеицуеи Қырҭтәыла аԥеиԥш Европаҟны аимадараҿ ацхраауеит, – илҳәеит Қырҭтәылаҿ ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ ахь акандидат Робин Данниган жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы сенаттәи акомитет аҿы данықәгылоз.

Асенатор Пит Рикеттс Робин Данниган азҵаара илзықәиргылеит Урыстәыла Қырҭтәылаҿ анырра азҳара аҿагылара иазкны.

«Ари крызҵазкәа зҵаароуп, сгәы ишаанаго ала, Қырҭтәла адемократиатә институтқәа рыдгылара, ихьыԥшым АИХқәа рырӷәӷәара, аӡбарҭа асистема арӷәӷәара  – арҭ ашьаҿақәа ауаажәлар арӷәӷәареи, Урыстәыла аҿагылареи, Китаи аҽазкрақәеи рыҿагылараҿ ихырҳагоуп.

Қырҭтәыла Мраҭашәарахь аинтеграциа, аенергетикеи, ашәарҭадареи, Абжьаратәи акоридори рызҵарақәа рзы иабжьоу аусеицуеи Қырҭтәыла аԥеиԥш Европаҟны аимадараҿ ацхраауеит», — илҳәеит Робин Данниган.