Робин Данниган – Қырҭтәыла анапхгареи ажәлари Евроеидгылеи, НАТОи, Мраҭашәареи рахь аинтеграциа дырҭбаар рҭахуп, ахада Баидени аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Блинкени реиҧшҵәҟьа, саргьы абри амҩа садгылоит

«Акыраамҭатәи ҳаиҩызареи ҳстратегиатә партниорреи иаҳа арҕәҕәаразы  Қырҭтәыла аиҳабыреи ажәлари рҟны аусеицура алагара сахыццакуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы даныҟаз, уаҟа лара адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили агәраргагатә шәҟәқәа ркьыҧхьаақәа илҭеит.

«Қырҭтәылаҿ, Америка ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала, ахада Баиден ихаҭарнакс аҟазаара сеигәырҕьоит. Аминистр иахьатәи аиҧыларазы ҭабуп ҳәа иасҳәоит.  Сара ахада Баиден игәраргагатә шәҟәқәа ркьыҧхьаақәа исҭеит.  Акыраамҭатәи ҳаиҩызареи ҳстратегиатә партниорреи иаҳа арҕәҕәаразы  Қырҭтәыла аиҳабыреи ажәлари рҟны аусеицура алагара сахыццакуеит.  Қырҭтәыла анапхгареи ажәлари Евроеидгылеи, НАТОи, Мраҭашәареи рахь аинтеграциа дырҭбаар шырҭаху здыруеит, ахада Баидени аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Блинкени реиҧшҵәҟьа, саргьы абри амҩа садгылоит», — илҳәеит  Робин Данниган.