Робин Данниган - Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны, евроатлантикатә амҩа ишахымҵуа даҽазнык шьақәдырӷәӷәарц
Робин Данниган - Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны, евроатлантикатә амҩа ишахымҵуа даҽазнык шьақәдырӷәӷәарц

«Қырҭтәыла аиҳабыра аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы ирыдыркылаз аӡбарақәа ирыхҟьаны, Қырҭтәыла евроатлантикатә ԥеиԥш иаҵәыхарахеит, ари даара саргәамҵуеит», — иазгәаҭоуп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.

Робин Данниган лажәақәа рыла: «Анапхгаратә партиа Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иаԥырхаго азакәан аднакылоит».

«Иара убас, анапхгаратә партиа хаҭарнакцәак Қырҭтәыла асуверенитет адгылаҩ дуқәа ЕАШ-и Евроеидгылеи ирықәларц рыӡбеит. Ҳара Қырҭтәыла ҳадгылон атәыла-ампыҵахалаҩ аҟны аиҿцәажәарақәа анымҩаԥысуаз. Ҳара ақырҭуа бызшәеи, Акультуреи, аҭоурыхтә ҭынхара ахьчара аус аҿы ҳшәыдгылан.

Аҵыхәтәантәи 32 шықәса ирылагӡаны иаҳзеиԥшу ахәынаӡарақәа шьаҭас измаз апартниорә еизыҟазаашьақәа шьаҭаркын.

Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны, евроатлантикатә амҩа ишахымҵуа даҽазнык шьақәдырӷәӷәарц», — иануп Робин Данниган иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.