Робин Данниган - Мраҭашәареи, Европеи, Америкеи рҟынтә аиҟәыҭхара зырҕәҕәо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыҵанакәам
Робин Данниган - Мраҭашәареи, Европеи, Америкеи рҟынтә аиҟәыҭхара зырҕәҕәо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыҵанакәам

«Ақырҭуа жәлар реиҳара иаартны ирҳәеит дара рҧеиҧш Европеи Мраҭашәареи ишадҳәалоу.  Мраҭашәареи, Европеи, Америкеи рҟынтә аиҟәыҭхара зырҕәҕәо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи ари ахықәкы анагӡара иаҧырхагоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Робин Данниган.

Данниган лҳәамҭала, Америка наҟ-наҟгьы ақырҭуа жәлар ирыцхраауеит иаҳа иҕәҕәоу,   аекономикатә ганахьала иаҳа аҿиара змоу, Евроеидгыла алахәылас иҟало Қырҭтәыла аргылараҿы.

«Уажәааны ақырҭуа аиҳабыра иҟарҵаз, адемократиатә принципқәа ирышьашәалам ашьаҿақәеи, Америкеи Мраҭашәареи ирызку адезинформациеи, иара убас, иацы аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭеи Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари хырҳагара рзааргом. Мраҭашәареи, Европеи, Америкеи рҟынтә аиҟәыҭхара зырҕәҕәо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыҵанакәам. Ақырҭуа жәлар реиҳара иаартны ирҳәеит дара рҧеиҧш Европеи Мраҭашәареи ишадҳәалоу.  Мраҭашәареи, Европеи, Америкеи рҟынтә аиҟәыҭхара зырҕәҕәо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи ари ахықәкы анагӡара иаҧырхагоуп. Еиҭасҳәар сҭахуп,  адунеиаҿ Америка еиҧш ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи иадгыло тәылак иҟам.  Ҳара наҟ-наҟгьы ақырҭуа жәлар ҳрыцхраауеит иаҳа иҕәҕәоу, аекономикатә ганахьала иаҳа аҿиара змоу, Евроеидгыла алахәылас иҟало Қырҭтәыла аргылараҿы. Қырҭтәылеи Америкеи реиҟәыҭхара иазку аҳәамҭақәа аӡәгьы хырҳагара изааргом», — илҳәеит  Робин Данниган.