Робин Данниган -  Азакәанпроект амшала Қырҭтәыла европатәи амҩа иацәыхарахоит 
Робин Данниган -  Азакәанпроект амшала Қырҭтәыла европатәи амҩа иацәыхарахоит 

«Америка, аргамагьы, хазхаҭалатәи аиҿцәажәарақәа раангьы, иаартны иаанарҧшит  анапхгаратә гәыҧ ицәырыргаз азакәанпроект даараӡа ишаргәамҵуа.  Ари азакәаанпроект амшала Қырҭтәыла, европатәи амҩа иацәыхарахоит,  есымша ақырҭуа жәлар ирыцхраауа аҭыҧантәи атәылауаҩратә уаажәларра ирҧырхагахоит, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган.

«Америка мацара акәӡам ари азҵаара иаргәамҵуа. Евроеидгыла, НАТО, Европатәи ахеилак, Европарламент, европатәи аҳәынҭқаррақәеи апарламентқәеи, ЕАР, уҳәа, рызынтәгьы ари азакәанпроект ишаргәамҵуа рҳәеит.  Рызынтәгьы иаҵшьны иазгәарҭеит ари закәанпроект Қырҭтәыла европатәи амҩа ишаҧырхагахо.  Қырҭтәыла аиҳабыреи атәылауаҩратә уаажәларреи ҳареи  30 шықәса рыҩныҵҟа ибзиаӡаны аус еицаауан, ф-миллиардк адоллар рыхә ацхыраара ҟаҳҵеит. Уи иаанагои? Аҩызцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит дара рҩызцәа ирыцхраарц азыҳәан, иаҳа иҕәҕәахарц азыҳәан, абри акәын ҳара иҟаҳҵоз. Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи аҟәарахьчареи  рырҕәҕәара ҳацхрааит, Қырҭтәыла ахатә ихьыҧшым аҵакырадгьыл ахьчара алшарц азыҳәан», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Робин Данниган лҳәамҭала, Америка Қырҭтәылеи Қырҭтәыла европатәи амҩеи  иадгылоит, ақырҭуа жәлари аиҳабыреи ирыдгылоит.

«Ҳара ҳацхыраарала ахәышәтәырҭақәеи, ашколқәеи иргылан, ҳара аҳақьымцәеи, арҵаҩцәеи, амедицинатә цхыраара лас аусзуҩцәеи иазыҟаҳҵон. Ҳара ҳацхыраарала атәыла зехьынџьара иргылан Ихьыҧшым аҧсҭазаара ацентрқәа, дара зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ихьыҧшымкәа анхараҿы ирыцхраауеит. Ҳара афермерцәеи анаплакҩцәеи акредитқәа раҳҭон. Аҿар азанааҭтә аҵара раҳҭеит. Ҳара хәыда-ҧсада англыз бызшәа ахьырҵо америкатә центрқәа ааҳартит. Ҳара зқьҩыла ақырҭуаа  Америка аҵара алшара раҳҭеит. Аҩызцәа абасоуп ишыҟарҵо. Аҩызцәа атәыла иацхраауеит аекономикатә мышхәыбзазареи ахыхьчаралшареи аиҕьтәраҿы. Америка Қырҭтәыла иазоунажьҭыз ацхыраара сгәы аздууп.  Мраҭашәаратә партниорцәа шәара шәзакәанпроект иаргәамҵуазар, аха ампыҵахалаҩ уи игәаҧхозар, нас шәазхәыц, уи шәтәыла бзиарак азаанагома, ари азҵаара шәазхәыцроуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, ари азакәанпроект америкатә азакәан еиҧшым. Америкаҿ ҳара атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа ҳрыдгылоит. Ҳара ҳтәыла конкретла иаҳәоит атәым аиҳабырақәеи урҭ ринтересқәеи  аллобизм рзыҟаҵаразы  аҧара ззыршәо аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи ашәҟәы рыҽҭарҩырц. Уи зынӡаскгьы даҽа закәанк ауп. Сара даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп Америка Қырҭтәылеи Қырҭтәыла европатәи амҩеи ишадгыло, ақырҭуа жәлари аиҳабыреи ишрыдгыло», — илҳәеит  Данниган.