Робин Данниган – Америка Қырҭтәылазы аҭынчреи ахьыҧшымреи мацароуп иаҭаху, ақәҿиара змоу иаарту Қырҭтәыла ҳадгыларц азыҳәан ақырҭуаа зегьы аус рыцура наҳагӡоит
Америка Қырҭтәылазы аҭынчреи ахьыҧшымреи мацароуп иаҭаху, ақәҿиара змоу иаарту Қырҭтәыла ҳадгыларц азыҳәан ақырҭуаа зегьы аус рыцура наҳагӡоит, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган Америка ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз аныҳәатә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.
„Америкатә гәахәтәы ҵакык амоуп – ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ахақәиҭра ахьыҟоу ауаажәларраҿы унхозар, аус уозар, ухылҵи игыло абиҧареи иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәыршәара шулшо. Абри агәрагареи аоптимизми роуп ахадаратә ҵакы змоу. Агәра ганы сыҟоуп ақырҭуаагьы убасҵәҟьа ишыҟоу. Америкауааи ақырҭуааи ишеиҧшу анызбо иџьасшьоит, ҳҧеиҧши ҳхылҵ рҧеиҧши аоптимизмла ҳахәаҧшуеит. Ҳхылҵ рыҧсҭазаашьа шеиҕьаҳтәуа, ҳтәылақәа шҳарҕәҕәо агәра ҳгоит“, – илҳәеит Данниган.
Робин Данниган ишазгәалҭаз ала, Америка наҟ-наҟгьы Қырҭәтыла аҵара асистемеи, аекономикатә азҳареи, иара убас, ибеиу акультуратә ҭынха ахьчареи, активтә атәылауаҩратә уаажәларреи ирыдгылоит.
„Америка Қырҭтәылазы аҭынчреи ахьыҧшымреи мацароуп иаҭаху, ақәҿиара змоу иаарту Қырҭтәыла ҳадгыларц азыҳәан ақырҭуаа зегьы аус рыцура наҳагӡоит. Ҳара наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла аҵара асистемеи, аекономикатә азҳареи, иара убас, ибеиу акультуратә ҭынха ахьчареи, активтә атәылауаҩратә уаажәларреи ҳрыдгылоит. 32 шықәса рыҩныҵҟа ҳстратегиатә партниорра қәҿиарала инагӡон, аҩ-тәылак рзы ихырҳаган. Америкатәи европатәи апартниорцәа аус рыцура абзоурала, ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алахәылас аҟалара алшара роуит. Қырҭтәыла абри алшара ахархәара алшап ҳәа ҳгәыҕуеит.
Ҳхьыҧшымра амш даҽазнык иҳгәаланаршәоит ахьыҧшымра азықәҧара еиҧҟьарада ишынагӡо. Ари амш иҳгәаланаршәоит аоптимизм амч шаҳнаҭо, адемократиа арҕәҕәара азықәҧара амч шаҳнаҭо, иаҳзеиҧшу апринципқәа рыхьчаразы ҳаидгылара амч шаҳнаҭо. Амшира удысныҳәалоит, Америка“, – илҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ.