Роберта Метсола – Ҳара Қырҭтәылеи Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭа ҳадгылароуп
«Ҳара Қырҭтәылеи Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭа ҳадгылароуп», — илҳәеит Европарламент мальтатәи ахантәаҩы Роберта Метсола Европа амш иазкыз ауснагӡатә ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
Лара лажәақәа рыла, Европа ахадаратә принципқәа ирықәныҟәо атәылақәа Европа рхатә ҩныс ирыҧхьаӡароуп.
«Европарламент аконкреттә позициа амоуп: Европа ахадаратә принципқәа ирықәныҟәо атәылақәа Европа рхатә ҩныс ирыҧхьаӡароуп. Абри ауп украинаа ҳара ҳҟынтә иззыҧшу, ҳара ирласны иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҳҵеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аха, украинаа анеҩстәи ашьаҿа аҟаҵара иахыццакит. Ари ашьаҿа ҳахьнанаго макьана иҳаздырӡом. Еиуеиҧшым аҩаӡарақәа иҟоуп, аха, ҳара ибзианы еилаҳкаароуп Евроеидгыла иазааигәахар зҭаху атәылақәа ринтеграциа ҳшалацәажәо. Украина Европа иалазар ҳҭахуп, Мраҭашәаратә Балканқәа рҟны аиҿцәажәарақәа наҳагӡароуп, иара убас, Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәылеи Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭа ҳақәшаҳаҭхароуп», — илҳәеит Европарламент ахантәаҩы.