Роберт Фицо – Словакиа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп қырҭтәылатәи ахҭысқәеи, иара убас, украинатәи   „Маидани“ ирылахәыз гәыҧҩык аекспертцәа, дара Словакиа аҳәынҭқарратә аарҳәра дырмазеиуеит
Роберт Фицо – Словакиа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп қырҭтәылатәи ахҭысқәеи, иара убас, украинатәи   „Маидани“ ирылахәыз гәыҧҩык аекспертцәа, дара Словакиа аҳәынҭқарратә аарҳәра дырмазеиуеит

Словакиа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп қырҭтәылатәи ахҭысқәеи, иара убас, украинатәи   „Маидани“ ирылахәыз гәыҧҩык аекспертцәа, дара Словакиа аҳәынҭқарратә аарҳәра дырмазеиуеит, – иҳәеит Словакиа аҧыза-министр Роберт Фицо.

Словакиа аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Американтә аҧара зауа ари агәыҧ амониторинг мҩаҧысуеит.

Словакиа аҧыза-министр ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу агәыҧ апротесттә акциақәа мҩаҧганы,  аиҳабыратә хыбрақәа рымпыҵахалара ргәы иҭоуп.

Фицо иҳәамҭала, атәыла аоппозициа аполитикатә конкуренциа иаша аҽалархәра ргәы иҭам.

„Анормалтә, демократиатә, азинтә ҳәынҭқарраҿы ари аус рҽаларгалоит ашәарҭадаратә мчқәа, избанзар, уи азакәан аилагароуп, зны-зынла ашьауҕатә ацәгьауроуп“, – иҳәеит Роберт Фицо.

Словакиа аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра арҭ атәылауаа рзинқәа пату шрықәнаҵо, аха, азинеилагарақәа аҽанраалом.

Ажьырныҳәа 23 рзы Роберт Фицо Словакиа Ашәарҭадара ахеилак ааиҧхьоит.

„Адетальқәа сызрылацәажәом, аха, иааҧҵәаны исҳәар сылшоит аоппозициаа  „Маидан“ азы аҽазыҟаҵара ишаҿу“, –  иҳәеит Словакиа аиҳабыра рнапхгаҩы.