Рихард Колс – Балтиатәи  атәылақәа Қырҭтәыла иадгылоит, акандидат истатус аиуреи егьырҭ азҵаарқәеи рҿы ҳадгылара шәақәгәыҕыр шәылшоит
Рихард Колс – Балтиатәи  атәылақәа Қырҭтәыла иадгылоит, акандидат истатус аиуреи егьырҭ азҵаарқәеи рҿы ҳадгылара шәақәгәыҕыр шәылшоит

«Балтиатәи  атәылақәа Қырҭтәыла иадгылоит, акандидат истатус аиуреи егьырҭ азҵаарқәеи рҿы ҳадгылара шәақәгәыҕыр шәылшоит», – иҳәеит  латвиатәи апарламент жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Рихард Колс Қырҭтәыла апарламентаҿ имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь.

Иара ишазгәеиҭаз ала, ҳ-тәылак рделегациақәа рылахәылацәа ақырҭуа рколлегацәа ирҧылеит, ари авизитла аадырҧшыр рҭахын Қырҭтәылеи уи ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

«Иахьазы адезинформациа аларҵәара ду амоуп, Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа ирызкны еиуеиҧшым аинформациа ҳауеит. Ҳвизит ахадаратә хықәкқәа иреиун Қырҭтәыла аиҳабыра ахаҭарнакцәеи еиуеиҧшым аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи рҧылареи дара рҟынтәи аинформациа иаша аиуреи. 12 аҧшьгарақәеи ареформақәеи  рынагӡара апроцесс шымҩаҧысуа еилаҳкаар ҳҭахын. Иара убас, аполиаризациа апроблемагьы ҳазааҭгылеит, уигьы аҵакы ду амоуп атәыла иаҭаху алҵшәа аиурц азыҳәан», — иҳәеит  Рихард Колс.