Папа Римтәи Франциск анышә дарҭоит мшаԥы 26 рзы
Папа Римтәи Франциск анышә дарҭоит мшаԥы 26 рзы

Папа Римтәи Франциск анышә дарҭоит мшаԥы 26 рзы , – аарыцит Ватикан аҟынтә.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, апонтифик анышә дарҭоит асабшаҽны, мшаԥы 26, асааҭ 10:00 рзы.

Папа Римтәи Франциск 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит  мшаԥы 21 рзы. Акардинал Хорхе Марио Берголио акатоликтә уахәама аԥхьагылаҩс далырхит 2013 шықәса хәажәкыразы, папа Бенедикт XVI инапынҵақәа анышьҭеиҵа ашьҭахь. Папа Римтәи Франциск агәаҵәыхь цәгьа иман, уи Римтәи Џьемелотәи ахәшәтәырҭа жәабан 14 рзы дышьҭарҵеит.