Рикард Иозвиак - Венгриа Украина Евроеидгыла алалара адгылоит, Евреоидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иақәшаҳаҭхар
Рикард Иозвиак - Венгриа Украина Евроеидгыла алалара адгылоит, Евреоидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иақәшаҳаҭхар

„Арадио ахақәиҭра“ Европа абиуро аредактор Рикард Иозвиак ишааицҳаз, Венгриа Украина Евроеидгыла алалара адгылоит, Евреоидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иақәшаҳаҭхар. Иозвиак ари ааицҳаит Евроеидгыла ахаҭарнакиҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

„Евроеидгыла аофициалтә хаҭарнакык иҟынтә исаҳаз версиак ала Венгриа Украина Евроеидгыла алалара адгылоит, Евреоидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иақәшаҳаҭхар“, – ааицҳаи „Арадио ахақәиҭра“ Европа абиуро аредактор.

Рикард Иозвиак ишазгәеиҭаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла аиҳабыреи Венгриеи аибадара ӷәӷәақәа рыбжьалеит.

Астатиаҿ Евроеидгыла 12 рекомендациа рыӡбахәгьы аҳәоуп.

„Қырҭтәыла акандидат статус анашьара азҵааразы, ирҟәымшәышәны иаҳҳәар, аконсенсус ашьақәыргылара ицәгьахоит“, – иҩуеит Рикард Иозвиак.