Рикард Иозвиак  - Италиа анапхгарала 8 ҳәынҭқаррак авизалиберализациа аанкылара иақәшаҳаҭымхеит, дара ишырҳәаз ала, уи Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы азарал рзаанагоит
Рикард Иозвиак  - Италиа анапхгарала 8 ҳәынҭқаррак авизалиберализациа аанкылара иақәшаҳаҭымхеит, дара ишырҳәаз ала, уи Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы азарал рзаанагоит

Евроеидгыла Қырҭтәыла иџьбараны иалацәажәоит, аха,  иџьбароу ашьаҿақәа ҟарҵом, – абас иахьӡуп  „Арадио Ахақәиҭра“ европатәи абиуро аредактор Рикард Иозвиак истатиа.

Астатиаҿы Иозвиак ишазгәеиҭаз ала,  Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ҧхынгәы 15 рзы Бриуссель имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәыла иазкны акрызҵазкәа аӡбара рыдрымкылеит,  аха,  Еврокомиссиа Қырҭтәыла агәҽанҵара анаҭеит нанҳәа анҵәамҭанӡа аҳәарақәак нарымгӡар,  Қырҭтәыла авизалиберализациа аанкылара азҵаара ишахәаҧшуа.

„Уажәы зҵаарак иқәгылоуп,  Қырҭтәыла аиҳабыра рпозициа рыҧсахуама,  Қарҭ рхырхарҭа рымҧсахыр Бриуссель ареалтә шьаҿақәа рыҟаҵара алшома. Аханатәгьы ак еилкаан. Асанкциақәеи,  ҩыџьа ақырҭуа аӡбаҩцәа рактивқәа рырҵаареи,  авизақәа рқәиҭымтәреи азҵаара иамыхәаҧшит.

Венгриеи Словениеи аханатәгьы ирҳәеит дара уи ишақәшаҳаҭымхо, убри аҟынтә, европатәи адипломатцәа иааркьаҿны ари азҵаара иалацәажәан,  ишырыӡбаз ала, Бриуссель асанкциақәа рызҵаара аус адырулоит иаҳа илаҟәу аҩаӡараҟны.

Абри алагьы иубарҭоуп ааигәа абри аҩыза аҧкратә шьаҿақәа шыҟарымҵо. Уажәазы лабҿаба иубарҭоуп  аконсенсус аҧҟара амшала, Евроеидгыла аконкреттә политикатә аӡбарақәа рыдкылара шацәыуадаҩхаз.

Уамашәа иубаша,  Евроеидгыла-Қырҭтәыла ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аиҭахәаҧшра алагара иазку аинициативагьы иҟамызт. Аминистрцәа ари азҵаара иазыхынҳәыр ҟалап жьҭааразы еиҭах ианеизалак“, – иануп астатиаҿы.

Рикард Иозвиак  истатиа ишану ала,   Италиа анапхгарала 8 ҳәынҭқаррак авизалиберализациа аанкылара иақәшаҳаҭымхеит, дара ишырҳәаз ала, уи Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы азарал рзаанагоит.

„ Евроеидгыла адәныҟатәи аполитика анапхгаҩы Каиа Каллас лҳәамҭала,  аиҭахәаҧшра амеханизм ахархәара ҟалоит,  избанзар ари азҵааразы аконсенсус аҭахым. Убри аҟынтә,  Қарҭ ақәыҕәҕәаразы авариант заҵәык аанхеит,  авизалиберализациа аанкылара,  ари ашьаҿа аҟаҵаразы аквалификациатә аиҳара рықәшаҳаҭхара аҭаххоит.   Италиа анапхгарала 8 ҳәынҭқаррак авизалиберализациа аанкылара иақәшаҳаҭымхеит, дара ишырҳәаз ала, уи Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы азарал рзаанагоит.  Каллас атәылақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟалҵеит Қарҭ Евроеидгыла аҳәарақәа нарымгӡар, дара ақәҿыҭра аҟаҵаразы ихиазарц.

Нанҳәазы Қырҭтәыла апарламент  аус ауам. Атәыла ахада аилатәара ҷыда ааиҧхьар илшоит, аха, Бриуссель аӡәгьы агәра игом иара ус шыҟаиҵо. Нанҳәазы Евроеидгылагьы аҧсшьара ицоит.

Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа нанҳәа  29-30 рзы Даниа, иформалым аиҧылараҿы еизоит, цәыббразы  – Ниу Иорк еизоит, ЕАР Ассамблеиа Хадаҿы. Аха,  аконкреттә аӡбара адкылара ахьрылшо аофициалтә аиҧылара мҩаҧгахоит жьҭаара  20 рзы“, –  иануп Рикард Иозвиак истатиаҿы.