Реваз Џьавелиӡе - Аԥыза-министр иҿагыланы имцырку аԥхашьаратә кампаниа мҩаԥысуеит
Реваз Џьавелиӡе - Аԥыза-министр иҿагыланы имцырку аԥхашьаратә кампаниа мҩаԥысуеит

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили хаҭалатәи авизитқәа раан аҳәынҭқарратә ԥара ахаана имнихӡеит.

Џьавелиҿе иажәақәа рыла, аиҳабыратә ҳаирпланқәа рхархәара иазкны аҳәамҭа ҟаиаҵахьеит Аҳәынҭқаррахьаратә иҷыдоу амаҵзура аиҳабы.

Реваз Џьавелиӡе ишахгәеиҭаз, аԥыза-мнистр иҿагыланы имцырку аԥхашьаратә кампаниа мҩаԥысуеит.

„Аоппозициаа рхаҭарнакцәа аскандал рҭахуп, аха ари амзыз рымам.  Қырҭтәыла аԥыза-министр ҳаҭыр зқәу уаҩуп, асиужетқәа иара изкны ирҳәо ԥхашьароуп. Акампаниа зегьы ацәахыхроуп. Хықәкыс амоуп иҭаацәара адискредитациа“, – иҳәеит Џьавелиӡе.