Reuters - Дональд Трамп Украинаҿ ЕАШ ахаҭарнак ҷыдас Ричард Гренел дықәиргылар иҭахуп
Reuters аинформациа ала, ЕАШ ҿыц иалху ахада Дональд Трамп Украинаҿ ЕАШ ахаҭарнак ҷыдас Ричард Гренел дықәиргылар иҭахуп.
Агентра ишаанацҳаз ала, 2020 шықәсазы Гренел амилаҭтә ԥшыхәра адиректор инапынҵақәа наигӡон.
2019-2021 шш. рзы уи Сербиеи Косовои рыбжьара имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рҿы ЕАШ ахаҭарнак ҷыдас дыҟан.
Reuters аинформациа ала, 2024 шықәса аԥхын азы Гренел Украинаҿ “автономтә зонақәа ” реиҿкаара аԥшьгарала дықәгылеит, игәаанагарала ари, Урыстәыла Украина ақәлара ашьҭахь иалагаз арратә аимак аҭыԥқәҵара ацхраауан Гренел Украина Нато алалара дадгылом.